Перейти к содержанию

Мачу Пикчу

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Адунеиаҿы ирацәоуп аҭыҧ ҧшӡақәа, урҭ рыхәаҧшразы ирҭаауеит ауаа рацәа. Арҭ реиҧш иҟоу аҭаҧ ҧшӡақәа ауаа аднаҧхьалоит, рыҧшӡара иаргачамкуеит. Убас еиҧш иҟоу аҭыҧқәа ируакуп Мачу-Пикчу. Мачу-Пикчу ажәытә қалақь ахыжәжәарақәа роуп, Аладатәи Америка Перу иҟоуп. Мачу-Пикчу лассы-ласс иӡыз аинкцәа рықалақь ҳәа иашьҭоуп, избанзар уи аинкцәа идыргылеит. Интересуп изусҭцәаз урҭ аинкцәа рхаҭақәа. Урҭ, аладатәи америкаа иреиуан, ажәытә уа инхон, даара абаҩхатәра злаз, аҿиара бзиа змаз жәларын. Уи шьақәнырӷәӷәоит Мачу-Пикчу аргыларақәа. Мачу-Пикчу дыргылеит зқьи ҧшьышәи ҩажәижәаба, зқьи ҧшьышәи ханҩажәи ҩба шықәсқәа рзы. Иара ҩажәи жәаҩа шықәса аргылара мҩаҧысуан. Ақалақь ашьха ду анаараҿы ишьҭоуп, инықәырҧшны, ҩ-нызқьи хышәи ҩынеижәижәаба метра амшын ааҩаӡараҟнытә. Иџьаушьартә иҟоуп абри аҳаракыраҿы ақалақь аргылара ахьрылшаз. Уи адунеизегьы аҟны уамашәа ирбоит.

Мачу-Пикчу аргылара аҭоурых

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мачу-Пикчу перуантә ашьхаҳаракыра ахыцәқәаҿы ишьҭоуп, иахьӡуп Мачу-Пикчу. Ақалақь – ари ахьӡ ахылеит абри ашьха иабзоураны. Зегьы ирзымбатәбароуп аинкцәа рықалақь, избанзар ари ақалақь аҭыҧ ҳаракӡаҿы идыргылеит, ахьанҭамҩангага атранспорти ахаҳә злеиқәырҵаз амаҭәахәқәеи рхархәарада. Аинкқәа уи аргыларазы рхала ахаҳә дуӡӡақәа харгалон. Уи адагьы, урҭ аҩнқәа злеиқәырҵоз ахаҳәқәа шьыхгада идыргылон. Мачу-Пикчу ахьдыргылаз аҭыҧ адгьылҵысраан ишәарҭаз ҭыҧзаарын, аинкцәа уи зладыргылаз аметод зегь раасҭа иӷәӷәаз акакәхеит. Аинкцәа аргылара ианалга шәышықәса рнаҩс ақалақь испаниатәи ампыҵахалаҩцәа алалеит. Аинкцәа рықалақь аанрыжьит. Урҭ рықәҵра зыхҟьаз еилкаам иахьанӡагьы. Мачу-Пикчу шыҟоу адунеи иадырит зқьи жәшәи жәеиза шықәсазы, уи Иельтәи ауниверситет апрофессор Хирам Бингем иҧшааит. Аха Бингем идагьы уи ақалақь аӡбахә ралыҵәахьан. Уи аҧхьагьы иҟан ахсаалақәа, ақалақь зныз, урҭ англиатәи, германиатәи анемец нџьнырцәа иаҧырҵахьан. Бингем адунеи зегьы адырра аиҭеит ари ақалақь шыҟоу ала, ауаагьы Мачу-Пикчу абара иашьҭалеит.

Мачу-Пикчу рольс инанагӡоз

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мачу-Пикчу ауаа нхартә иахьыҟаз қалақьмызт. Уи, абас аҭыҧ ҷыдаҿ идыргылеит избанзар, аинкцәа раҧхьаӡатәи римператор Пачакути уа дынхон. Уи адагьы, ақалақь аҿы ирыҧшааит аскульптурақәа, аныҳәарҭақәа, урҭ идырҵабыргуеит ақалақь адинтә ҵакы шамаз. Аинкцәа ара аритуалқәа мҩаҧыргон, рынцәақәа ирымҵахырхәон, аҵарауаа ргәаанагарала, урҭ ари ақалақь анцәақәа рыхьӡала идыргылеит.

Мачу-Пикчу зегь раасҭа еицырдыруа аинкцәа римпериа аргыларақәа ируакуп. Уи Аладатәи Америка зегь раасҭа еицырдыруа ҭыҧуп, иагьаҭаауеит атуристцәа рацәаҩӡаны, урҭ ари алақь аҧшӡара агәахәара ду рнаҭоит.